
Республика Абхазия (5)
Республика Абхазия (Апсны) – суверенное, демократическое, правовое государство, исторически утвердившееся по праву народа на свободное самоопределение. Наименования Республика Абхазия и Апсны равнозначны. Общая площадь – 8,7 тыс. кв.км. Средняя протяженность с севера на юг - 54 км, с запада на восток - 160 км. Длина береговой линии 214 км. Горы занимают 64 % территории. Лесами покрыто 57 % территории (дуб, бук, граб, каштан, пихта и ель). Климат влажный субтропический, средняя температура января на побережье +4 +7 С, в горах от +2 до -2 С, в июле соответственно +22 +24 С. Осадков 1300-2400 мм. в год.
26 ноября 1994 года парламент республики принял новую Конституцию суверенного Абхазского государства, субъекта международного права, одобрена всенародным голосованием 3 октября 1999 года с изменением, принятым на всенародном голосовании (референдуме) 3 октября 1999 г. Государственным языком Республики Абхазия признан абхазский, а русский наряду с абхазским является языком государственных и других учреждений.
Абхазия – президентская республика.
Глава государства – президент – избирается на пять лет. В настоящее время президентом Абхазии является Бжания Аслан Георгиевич.
Законодательная власть принадлежит Народному Собранию – Парламенту Республики Абхазия.
Исполнительная власть принадлежит Президенту Республики Абхазия. Для осуществления общего руководства исполнительной деятельностью на всей территории страны Президент Республики Абхазия руководит Кабинетом Министров Республики Абхазия. Кабинет Министров формируется Президентом Республики Абхазия и ему подотчётен. В состав Кабинета Министров входят Премьер-министр, Вице-премьеры, министры, другие должностные лица.
Численность населения – всего 242 756 чел., из них 122 309 чел. городское и 120 447 чел. сельское население.
Денежная единица – российский рубль.
Административно-территориальное деление Республики Абхазия
Абхазия расположена в северо-западной части Кавказа. Граничит на северо-западе (по реке Псоу) с Краснодарским краем Российской Федерации, на юго-востоке (по реке Ингур) – с Грузией. На севере граничит с республикой, входящий в состав России - Карачаево-Черкесией. С юга омывается Черным морем. Республика Абхазия состоит из восьми территориально – административных единиц. К ним относятся районы: Гагрский, Гудаутский, Сухумский, Гулрыпшский, Очамчырский, Ткуарчалский, Галский и город Сухум. Города – районные центры: Гагра, Гудаута, Очамчыра, Ткуарчал, Гал, и города в районе – Новый Афон (Гудаутский район), Пицунда ( Гагрский район). В республике имеются три морских порта: Сухумский, Очамчырский, Пицундский.
Аԥсны аҳәынҭқарратә астатистикатә усбарҭа излашьақәнаргылаз ала, 2014ш. атәыла аҩнуҵҟатәи аалыҵ иартәеит 27552,3 миллион мааҭ, 2013 ш. иаҿҳарԥшуазар, егьазҳаит 11,1% рыла. Уаанӡатәи, урҭ аҟаҵарабақәа рахьтә иалукаауеит аргылара (25,0%), ахәаахәҭра (22,2%), ааглыхра (8,1%), аимадара (4,9%), ақыҭа нхамҩа (4,8%). Ахархәара амоуп Урыстәылатәи амааҭ.
Аԥсны аҳәынҭқарратә финансқәа шьақәгылоуп:
1. Аҳәынҭқарратә биуџьет (Ареспубликатә биуџьети Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҭыԥантәи абиуџьетқәа);
2. Аҳәынҭқарратә биуџьет иалам афондқәа рсистемақәа «2014ш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет азы (аиҭакрақәа ҳасаб рзуны)» Аԥсны Азакәан инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәгылеит: ахашәалақәа рыла – 8505,8 миллион мааҭ; ахарџьқәа рыла – 8795,0 миллион мааҭ; ахашәалақәа рхыхь ахарџьқәа рзырҳара (адефицит) – 189,2 миллион мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет ахатә хашәалақәа 2014 ш. идыртәеит 22988,3 миллион мааҭ (35,7%). Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә ироуит аинвестициатә программа анагӡареи афинанстә цхыраареи уҳәа рзы имаҷымкәа аныхтәқәа. Аԥсны ироуз Урыстәылатәи апенсиа иартәоит 2 357, миллион мааҭ.
2017 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет иартәеит: ахашәалақәа рыла 10 158 157,0 нызқь мааҭ, ахарџьқәа рыла – 10 191 580,0 нызқь мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет адефицит – 33423,0 нызқь мааҭ.
Аекономика аҿиара иаԥышьклаҳәуеит Аԥсны аҳәынҭқарра-политикатә статус инагӡаны иахьҭышәынтәалам.
Аԥсны ҳаамҭазтәи ааглыхра аҿиара амҩа хадақәа рахьтә иалкаазар ауеит: агидрофымцаенергетика, амҿы аус адуларатә ааглыхра, аргыларатә материалқәа рҭыжьра, афатә ааглыхра, ааглыхра ласы, адгьыл амал ыҵызхуа ааглыхра.
Еиҳа иҭышәынтәланы ирызҳауеит: афатә ааглыхра, аргыларатә материалқәа рҭыжьра, амаден аҵхра ааглыхра. Аԥсны ҳаамҭазтәи афатә ааглыхра шьаҭас иамоуп аекспорт ицо аҩы аҭыжьра ааглыхра.
Хара ицо аекономикатә перспективақәа Аԥсны Аиҳабыра рҟны издырҳәало амшын баӷәазақәеи атуризми роуп.
Адәныҟатәи ахәаахәҭра ашҟа иаҵанакуеит: акурорт-туристтәи аекскурсиатәи маҵзурақәа, атранспорттә маҵзурақәа, аргыларатә маҵзурақәа, ателекоммуникациатәи аконсультациатәи маҵзурақәа уҳәа. Аԥсны аекономика иамоу аҷыдара ҳасаб азуны ахәаахәҭра амаҵзура акырӡа зҵазкуа акәны иҟоуп.
Аԥсны аекономика арҿиараҿы акыр шықәса раахыс атуризм алагала маҷымкәа иҟоуп. Аԥсны аекономика аминистр иажәақәа рыла, атуристтә индустриа абиуџьет иаланагало ашәахтәқәа идыртәоит ԥшьыџьара ишаны х-хәҭак. Аԥсны амшын иаԥнуп хыԥхьаӡара рацәала атуристтә центрқәа, асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа. Урҭ реиҳарак ргылан асовет аамҭазы. Атуристцәа аднаԥхьалоит аҳауа аԥхара, аҵиаақәа рсубтропикатә хкқәа, насгьы узыршанхаша амшын ацқьара.
Аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа Мраҭашәархьтәи Кавказ иқәынхон ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа III-тәи азқьышықәсазгьы. Ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа I-тәи азқьышықәса азы Аԥсны адгьылҵакыра Колхидатәи аҳра иахәҭакын. Ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VI-тәи ашә. уи адгьылҵакыраҿы рҽышьақәдырӷәӷәеит еллинтәи ақалақьқәа-хырӷәӷәарҭақәа, IV-тәи ашә. актәи зыбжазы иаднакылеит ҳәа ишьоуп ақьырсианра.
VIII-тәи ашә. Аԥсны ихьԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҭоурых хацыркын. Ари аамҭазы ишьаҭаркын Аԥсуа аҳра, уи раԥхьатәи аҳас даиуит Леон II. X-тәи ашә. аҩбатәи азыбжазы, аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаку Ақырҭуа ҳәынҭқарра аилазаара иалалеит аҳ Баграт III иаԥшьгарала.
XV-XVI-тәи ашә. раан Қырҭтәыла анхыбгала Аԥсны Сабедиано аҳра иалан, уи нахыс Аԥсуа аҳра хазы ишьақәгылеит. XVII-XVIII-тәи ашә. раан Ҭырқәтәыла анапаҵаҟа иҟан, 1810 ш. февраль 17 инаркны автономиак аҳасабала Урыстәылатәи аимпериа иалалеит.
1864 ш. инаркны 1917 ш. азынӡа Аԥсуа аҳра – «Аҟәатәи аокруг» ҳәа ирдыруаз, Урыстәылатәи аимпериа аусбарҭа анапаҵаҟа иҟан.
1921 ш. март 4 инаркны Аԥсны аҭоурых аҟны адаҟьа ҿыц аатит – Аԥсны ССР ҳәа ишьақәгылеит, декабр 16 инаркны акәзар, Аԥсни Қырҭтәылатәи ССР-и еидылеит афедерациатә шьаҭала.
1931 ш. февраль нахыс Аԥсны автономтә республика аҟынӡа иларҟәны Қырҭтәылатәи ССР аилазаараҿы иҟалеит.
1990 ш. исуверентәу Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика акәны ишьақәгылеит.
1992 ш. Аԥсни Қырҭтәылеи рзеиԥш Конституциа аредакциа аганахьала ргәаанаграқәа рҽеиҩыршеит, иҵысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩыз 1994 ш. апрель мзазы ауп. Ноиабр 26 рзы Аԥсны иаднакылеит Аконституциа ҿыц, уаҟа ианыԥшит атәыла ирыланҳәаз ахьԥшымра.
2008 ш. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьԥшымра азханаҵеит. 2014 ш. Аԥсни Урыстәылеи Рхадацәа Р. Ҳаџьымбеи В. Путини аиҩызареи аусеицуреи рзы жәашықәса ҿҳәарас измоу аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Иахьазы Аԥсны ахьԥшымра азхарҵахьеит ф-ҳәынҭқаррак: Урыстәыла, Никарагуа, Венесуела, Науру, Тувалу, Шьамтәыла. Аԥсны жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ирылаӡам, аха анаԥшҩы истатус амоуп Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Апарламенттә еизара аҟны
Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ахы иақәиҭны ахатә ҳәаақәҵаразы ажәлар рзин ҭоурыхла аҽахьышьақәнарӷәӷәахьоу асуверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аԥсни рыхьӡқәа ҵакыла еиҟароуп. Азеиԥш дгьылҵакыра – 8,7 нызқь метр ԥшьыркца. Бжьаратәла аҩадантә аладанӡа ибжьоуп 54 километр, мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 160 километр. Амшын аҿықә ацәаҳәа – 214 километр. Ашьхеибаркырақәа ирыҵаркуеит 64%. Абнақәа рыла ихҟьоуп 57% адгьылҵакыра (аџь, ашә, ахьаца, ахьа, аԥса). Аҳауа цәаакуп, субтропикатәуп, ианвар азы амшын аԥшаҳәаҿы бжьаратәла +4 – +7 градус ыҟоуп, ашьхараҿ – +2 инаркны -2 рҟынӡа, ииуль азы – убас еиԥш +22 – +24 градус ыҟоуп. Шықәсык аҩнуҵҟа 1300–2400 мм рҟынӡа ақәа леиуеит.
1994 шш. ноиабр 26 рзы Аԥсны Апарламент иаднакылеит исуверентәу Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин асубиект. 1999 ш. октиабр 3 рзы жәларызегьы рыбжьыҭирала, жәларызегьы рыбжьыҭира (ареферендум) аҟны 1999 ш. октиабр 3 рзы аԥсахра алагаланы иаднакылаз ала, Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәаны иазхаҵоуп аԥсуа бызшәа, убри инаваргыланы аҳәынҭқарратәи егьырҭ аусҳәарҭақәеи рзы аԥсуа бызшәа инаваргыланы ахархәара амоуп аурыс бызшәа.
Аԥсны – президенттә республикоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада – хәышықәса рахьынтә знык далырхуеит. Иахьа Аԥсны Ахадас дыҟоуп Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иԥа.
Азакәанԥҵаратә мчра анапаҿы иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент.
Анагӡаратә мчра инапаҿы иҟоуп Аԥсны Ахада. Анагӡаратә мчра азеиԥш напхгара аҟаҵаразы Аԥсны Ахада напхгара аиҭоит Аиҳабыра Реилазаара. Аиҳабыра Реилазаара шьақәиргылоит Аԥсны Ахада, аҳасабрбагьы иара инапаҵаҟа иҟоуп. Аиҳабыра Реилазаараҿы иҟоуп Аԥыза-министр, уи ихаҭыԥуаа, аминистрцәа, егьырҭ амаҵзурауаа.
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара – 242 756-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 122 309-ҩык қалақь уааԥсыроуп, 120 447-ҩык – қыҭа уааԥсыроуп.
Аԥара – аурыс имааҭ ауп.
Аԥсны административтә-дгьылҵакырала ишоит.
Аԥсны адгьылҵакыра шьҭоуп Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы. Аҩада-мрагыларахьтәи аҳәааҿ (Ԥсоу аӡиас ахықә ала) иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә, алада-мрагыларахь (Егры аӡиас ахықә ала) иҟоуп Қырҭтәыла. Аҩадахьала иҟоуп Урыстәыла иаҵанакуа ареспубликақәа – Ҟарачы-Черқьестәылеи Ҟабарда-Балкартәылеи. Аладахьала – ҳәаас иамоуп Амшын еиқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра шоит административтә-дгьылҵакырақәа ааба рыла: Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәеи Аҟәа ақалақьи. Араионтә ҵакы змоу қалақьқәоуп: Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал, иара убас араион аҩнуҵҟа иҟоуп ақалақьқәа – Афон Ҿыц (Гәдоуҭа араион), Пицунда (Гагра араион). Ареспубликаҿы иҟоуп амшын баӷәазақәа хԥа: Аҟәатәи, Очамчыратәи, Пицундатәи.