Аэкономика

Аԥсны аҳәынҭқарратә астатистикатә усбарҭа излашьақәнаргылаз ала, 2014ш. атәыла аҩнуҵҟатәи аалыҵ иартәеит 27552,3 миллион мааҭ, 2013 ш. иаҿҳарԥшуазар, егьазҳаит 11,1% рыла. Уаанӡатәи, урҭ аҟаҵарабақәа рахьтә иалукаауеит аргылара (25,0%), ахәаахәҭра (22,2%), ааглыхра (8,1%), аимадара (4,9%), ақыҭа нхамҩа (4,8%). Ахархәара амоуп Урыстәылатәи амааҭ.

Аԥсны аҳәынҭқарратә финансқәа шьақәгылоуп:

1.   Аҳәынҭқарратә биуџьет (Ареспубликатә биуџьети Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҭыԥантәи абиуџьетқәа);

2.   Аҳәынҭқарратә биуџьет иалам афондқәа рсистемақәа «2014ш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет азы (аиҭакрақәа ҳасаб рзуны)» Аԥсны Азакәан инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәгылеит: ахашәалақәа рыла – 8505,8 миллион мааҭ; ахарџьқәа рыла – 8795,0 миллион мааҭ; ахашәалақәа рхыхь ахарџьқәа рзырҳара (адефицит) – 189,2 миллион мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет ахатә хашәалақәа 2014 ш. идыртәеит 22988,3 миллион мааҭ (35,7%). Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә ироуит аинвестициатә программа анагӡареи афинанстә цхыраареи уҳәа рзы имаҷымкәа аныхтәқәа. Аԥсны ироуз Урыстәылатәи апенсиа иартәоит 2 357, миллион мааҭ.

2017 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет иартәеит: ахашәалақәа рыла  10 158 157,0 нызқь мааҭ, ахарџьқәа рыла – 10 191 580,0 нызқь мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет адефицит – 33423,0 нызқь мааҭ.

Аекономика аҿиара иаԥышьклаҳәуеит Аԥсны аҳәынҭқарра-политикатә статус  инагӡаны иахьҭышәынтәалам.

Аԥсны ҳаамҭазтәи ааглыхра аҿиара амҩа хадақәа рахьтә иалкаазар ауеит: агидрофымцаенергетика, амҿы аус адуларатә ааглыхра, аргыларатә материалқәа рҭыжьра, афатә ааглыхра, ааглыхра ласы, адгьыл амал ыҵызхуа ааглыхра.

Еиҳа иҭышәынтәланы ирызҳауеит: афатә ааглыхра, аргыларатә материалқәа рҭыжьра, амаден аҵхра ааглыхра. Аԥсны ҳаамҭазтәи афатә ааглыхра шьаҭас иамоуп аекспорт ицо аҩы аҭыжьра ааглыхра.

Хара ицо аекономикатә перспективақәа Аԥсны Аиҳабыра рҟны издырҳәало амшын баӷәазақәеи атуризми роуп.

Адәныҟатәи ахәаахәҭра ашҟа иаҵанакуеит: акурорт-туристтәи аекскурсиатәи маҵзурақәа, атранспорттә маҵзурақәа, аргыларатә маҵзурақәа, ателекоммуникациатәи аконсультациатәи маҵзурақәа уҳәа. Аԥсны аекономика иамоу аҷыдара ҳасаб азуны ахәаахәҭра амаҵзура акырӡа зҵазкуа акәны иҟоуп.

Аԥсны аекономика арҿиараҿы акыр шықәса раахыс атуризм  алагала маҷымкәа иҟоуп. Аԥсны аекономика аминистр иажәақәа рыла, атуристтә индустриа абиуџьет иаланагало ашәахтәқәа идыртәоит ԥшьыџьара ишаны х-хәҭак. Аԥсны амшын иаԥнуп хыԥхьаӡара рацәала атуристтә центрқәа, асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа. Урҭ реиҳарак ргылан асовет аамҭазы. Атуристцәа аднаԥхьалоит аҳауа аԥхара, аҵиаақәа рсубтропикатә хкқәа, насгьы узыршанхаша амшын ацқьара.

Read 258 times Last modified on Woensdag, 14 Жәабран 2024 15:03