Аҳәынҭқарратә символика

Аҧсны Аҳәынҭқарра (Аҧсны) – ажәлар ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз ихьыҧшым, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа «Аҧсны» «Аҧсны Аҳәынҭқарра» ҵакыла акоуп, иеиҟароуп. Азеиҧш дгьылҵакыра – 8,7 нызқь ҧшь.км. ыҟоуп. Бжьаратәла аҩадантә алада 54 км, мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 160 км ыҟоуп . Амшын ҿықә ацәаҳәа 214 км. инаӡоит. Ашьхара Аҧсны адгьылҵакыраҟны 64 % ааныркылоит, 57 % бнала ихҟьоуп (аџь, ашә, ахьаца, ахьа, аҧса, ). Аҳауа цәаакуп субтропикатәуп, ажьырныҳәазы бжьаратәла аҳауа аҧхарра аҧшаҳәаҿы +4 +7 С, ашьхараҿы +2 инаркны -2 С рҟынӡа ҟалоит, ҧхынгәазы +22 +24С рҟынӡа иҧхаррахоит. Ашықәс аҩныҵҟа 1300-2400 мм. алышәшәақәа леиуеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 1994 шықәса абҵара 26 рзы Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааҧхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала (ареферендум) аан ирыдыркылаз аҧсахрақәа алагаланы.

Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа, аҧсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәи егьырҭ иеиуеиҧшым аусбарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп.


Аҧсны Ахада дызхагылоу ҳәынҭқарроуп. Аҳәынҭқарра Ахада далххоит хәышықәса ҳәа. 

Аҧсны Аҳәынҭқарратә Герб

Аҧсны аҳәынҭқарратә Герб хыхьынтә ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны –  ашкәакәеи  аиаҵәа ҧшшәи рыла ишоу ҧыракуп. Агерб ацәаареи асиужеттә еиҿартәашьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп.  Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽыуаҩ алакә ҽы – Арашь дақәтәаны дануп.

Агерб аҩадатәи ахәҭаҟны симметриала ашкәакәеи аиаҵәа ҧшшәи ирнубаалоит ҩ-еҵәа хьыҧшшәылак. Агерб асиужет Нарҭаа ирызку аҧсуаа рфырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб иану аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду– аиҭаира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа  Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реидгылара символра рзыруеит.

 Абираҟ

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аураала  аиаҵәеи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара  х-цәаҳәаки ираҟароу. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арҕьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь ианубаало анапы шкәакәа – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Агимн

Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимнуп. 1992 шықәсазы Аҧсны ахьыҧшымра аназхаҵаха, ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас иалхра ашьҭахь, жьҭаара 24, 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан “Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн азы” азакәанапроект. Аҧсуа Гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккәупациа аназыруз аамҭазтәи (1918-1921шш.) ашәа “Кьараз”.

Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн официалла Аҧсны аҳәынҭқарратә символны иҧхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыкатә-поезиатә рҿиамҭоуп.

Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн ишәыршәаны иақәырҕәҕәоу амузыкатә редакциеи атексти ирықәыршәаны инагӡазароуп.

Гимн Республики Абхазия

Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара зыҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракоит.
Рада, Раида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоу атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылан
Рыжәаҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымәо
Ҧеҧш лаша ҳзышуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-аҳшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра!
Read 359 times Last modified on Donderdag, 14 Хәажәкыр 2024 13:16