Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ахы иақәиҭны ахатә ҳәаақәҵаразы ажәлар рзин ҭоурыхла аҽахьышьақәнарӷәӷәахьоу асуверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аԥсни рыхьӡқәа ҵакыла еиҟароуп. Азеиԥш дгьылҵакыра – 8,7 нызқь метр ԥшьыркца. Бжьаратәла аҩадантә аладанӡа ибжьоуп 54 километр, мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 160 километр. Амшын аҿықә ацәаҳәа – 214 километр. Ашьхеибаркырақәа ирыҵаркуеит 64%. Абнақәа рыла ихҟьоуп 57% адгьылҵакыра (аџь, ашә, ахьаца, ахьа, аԥса). Аҳауа цәаакуп, субтропикатәуп, ианвар азы амшын аԥшаҳәаҿы бжьаратәла +4 – +7 градус ыҟоуп, ашьхараҿ – +2 инаркны -2 рҟынӡа, ииуль азы – убас еиԥш +22 – +24 градус ыҟоуп. Шықәсык аҩнуҵҟа 1300–2400 мм рҟынӡа ақәа леиуеит.
1994 шш. ноиабр 26 рзы Аԥсны Апарламент иаднакылеит исуверентәу Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин асубиект. 1999 ш. октиабр 3 рзы жәларызегьы рыбжьыҭирала, жәларызегьы рыбжьыҭира (ареферендум) аҟны 1999 ш. октиабр 3 рзы аԥсахра алагаланы иаднакылаз ала, Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәаны иазхаҵоуп аԥсуа бызшәа, убри инаваргыланы аҳәынҭқарратәи егьырҭ аусҳәарҭақәеи рзы аԥсуа бызшәа инаваргыланы ахархәара амоуп аурыс бызшәа.
Аԥсны – президенттә республикоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада – хәышықәса рахьынтә знык далырхуеит. Иахьа Аԥсны Ахадас дыҟоуп Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иԥа.
Азакәанԥҵаратә мчра анапаҿы иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент.
Анагӡаратә мчра инапаҿы иҟоуп Аԥсны Ахада. Анагӡаратә мчра азеиԥш напхгара аҟаҵаразы Аԥсны Ахада напхгара аиҭоит Аиҳабыра Реилазаара. Аиҳабыра Реилазаара шьақәиргылоит Аԥсны Ахада, аҳасабрбагьы иара инапаҵаҟа иҟоуп. Аиҳабыра Реилазаараҿы иҟоуп Аԥыза-министр, уи ихаҭыԥуаа, аминистрцәа, егьырҭ амаҵзурауаа.
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара – 242 756-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 122 309-ҩык қалақь уааԥсыроуп, 120 447-ҩык – қыҭа уааԥсыроуп.
Аԥара – аурыс имааҭ ауп.
Аԥсны административтә-дгьылҵакырала ишоит.
Аԥсны адгьылҵакыра шьҭоуп Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы. Аҩада-мрагыларахьтәи аҳәааҿ (Ԥсоу аӡиас ахықә ала) иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә, алада-мрагыларахь (Егры аӡиас ахықә ала) иҟоуп Қырҭтәыла. Аҩадахьала иҟоуп Урыстәыла иаҵанакуа ареспубликақәа – Ҟарачы-Черқьестәылеи Ҟабарда-Балкартәылеи. Аладахьала – ҳәаас иамоуп Амшын еиқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра шоит административтә-дгьылҵакырақәа ааба рыла: Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәеи Аҟәа ақалақьи. Араионтә ҵакы змоу қалақьқәоуп: Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал, иара убас араион аҩнуҵҟа иҟоуп ақалақьқәа – Афон Ҿыц (Гәдоуҭа араион), Пицунда (Гагра араион). Ареспубликаҿы иҟоуп амшын баӷәазақәа хԥа: Аҟәатәи, Очамчыратәи, Пицундатәи.